Урыстәыла ААР агәҽанҵара ҟанаҵеит Ҟазахсҭани Виетнами аԥарахсаалага "МИР" аусура шаанкыло

Уаанӡа АИХқәа Виетнам абанк BIDV-и Ҟазахстан абанк "Халык-и" р-call-центрқәа рҟынтә адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны ирҳәахьан Ҟазахсҭани Виетнами рбанкқәа рҿы аԥарахсаалага "МИР" амаҵ аура шаанкыло.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Виетнам абанк BIDV-и Ҟазахстан абанк "Халык-и" рҿы аԥарахсаалага "МИР" амаҵ аура ааныркылеит ЕАА Афинансқәа рминистрра асанкциақәа рыдҟаҵалараз ианрықәмақар ашьҭахь, абри атәы рҳәеит Урыстәыла ААР аҭагылазаашьа-кризистә Центр адепартамент аҿы.
"Халык банк" (Ҟазахстан) BIDV-банк (Виетнам) аԥарахсаалага "МИР" амаҵ аура ааныркылеит ЕАА Афинансқәа рминистрра асанкциақәа рыдҟаҵалараз ианрықәмақар ашьҭахь", - аҳәоит аусбарҭа Telegram-канал аҿы.
Цәыббра 15 азы америкатәи афинанстә усбарҭаҿ икьыԥхьын адокумент, уи инақәыршәаны иҳәан ЕАА шазыхио урыстәылатәи аԥарашәаратә система аԥарахсаалагақәа "Мир" Урыстәыла анҭыҵ зхы иазырхәо абанкқәа асанкциақәа рыдҟаҵалара.
Урыстәылеи Китаии аԥара-хсаалага "Мир" ахархәараз еилацәажәоит
Урыстәылатәи аԥарашәаратә система аус ауеит: Урыстәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҭырқәтәыла, Виетнам, Аладатәи Кореиа, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Таџьикистан, Узбекистан.
Аԥсны амилаҭтә ԥарашәаратә система "АԤРА" асистема "Мир" иалархәуп. "Мир" ахьрыдыркыло атәылақәа зегьы рҿа аԥснытәи ахсаалагақәа аус руеит.