Урыстәылеи Китаии аԥара-хсаалага "Мир" ахархәараз еилацәажәоит

© Sputnik / Владимир СергеевВывеска на здании Национальной системы платежных карт в Москве
Вывеска на здании Национальной системы платежных карт в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны амилаҭтә ԥареикәыршаратә система "АԤРА" асистема "МИР" иахьалахәу азы аԥснытәи абанкқәа ркарточкақәа "МИР" аус ахьауа атәылақәа зегьы рҿы аус аулоит.
АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik. Урыстәылеи Алада-Мрагыларатәи Азиеи, Мрагылара Ааигәеи, Латынтәи Америкеи, Китаии еилацәажәоит аԥара-хсаалага "Мир" ахархәараз ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит УА аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко РИА Новости аинтервиу аҭо.
"Иахьазы 11 тәыла рҿы ахархәара амоуп ҳахсаалага "Мир", урыстәылатәи атуристцәа ирылшоит абанкоматқәа аԥара рҭыгара, амаҵзурақәа рыхә ашәара Ҭырқәтәыла, Виетнам, Алада Кореиа, Ермантәыла, Узбекистан, Беларусь, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, Таџьикисҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны рҟны", - иҳәеит Чернышенко.
Уаанӡа Аԥсны Абанк аекономика-зинтә Департамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Леон Ԥлиа Sputnik иазеиҭеиҳәахьан ахсаалага "МИР" ала атранзакциақәа ашықәс иалагазар ҩынтәны еиҳахеит ҳәа. Ажьырныҳәазы атранзакциақәа 25% ыҟазар, иахьазы 45% дыртәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0