Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла АТәА: Украина уахыки-ҽнаки рыла ДЖәР 130-ҩык ауааԥсыра рцәыӡит

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа ииасыз уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит 28 HIMARS хгәыцәи арадареиԥҟьагатә ракетақәа HARM хԥеи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Украинатәи ар уахыки-ҽнаки рыла ДЖәР 130-ҩык ауааԥсыра рцәыӡит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Донецктәи Жәлар Рреспублика, Павловка араион аҿы актәи абригада ахԥатәи абаталион аконтржәылара анымҩаԥнагоз 60-ҩык иҭахази ихәызи ҟалеит, иҭархан иара убасгьы атанкқәа ԥшьба, автомашьынақәа ааба", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Уи адагьы икылкаан ахысрала ДЖәР Артиомовск араион аҿы ааха аҭан амеханизациа зызуу 93-тәи абригада 2-тәи абаталион.
"Иҭархоуп 75-ҩык рҟынӡа аибашьцәа, аибашьыга техникақәа жәба", - рҳәеит аминистрраҟны.