Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Владимир Путин хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылеиҳәеит

Абри азы аусԥҟа Урыстәыла ахада инапы аҵеиҩит, аҽеизакраз ауснагӡатәқәа иахьа инаркны ирылагоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik.Урыстәыла аҵакыраҿы хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылаҳәоуп, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин ажәлар рахь ааԥхьара аныҟаиҵоз.
"Аррамаҵзурахь инаԥхьахоит атәылауаа, иахьатәи аамҭаз ԥхьатәара иҟоу, уаанӡа Арратә мчрақәа рҿы аррамаҵзура иахысхьоу, арратә занааҭ змоу, аԥышәа змоу", - азгәеиҭеит Путин.
Аҽеизакра иаҵанакуа ахаҿқәа, арратә аоперациа ҷыда иалахәхо ауаа ирыҭахоит аррамаҵзурауаҩ истатус, уи иақәнаго аԥарашәарақәа, еилаӡарала аррамаҵзура иахысуа.
Хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакразы аусԥҟа иазгәанаҭоит атәылахьчаратә ҿаҵақәа рзы ауснагӡатә цҵақәа.

"Мраҭашәара аҭынчӡбара мап ацәнакит. Еизааибагарак ҳаназнеи ашьҭахь Киев адҵа аҭан урҭ аицәажәарақәа зегьы ирыцәхьаҵырц", - иҳәеит ахада.

Путин иҳәеит Украина еиҳа-еиҳа бџьарла ишеиҵарҵо, Киевтәи арежим қьыралатәи аҳәаанырцәеибашьцәеи амилаҭеилыхцәеи аибашьра ишажәнаҵо.