Аԥсны

Аԥсны Аҵәахбанк урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аамҭеихша еиҭахәаԥшит

Аԥыза-министр Александр Анқәаб имҩаԥигаз аилатәараҟны иазааҭгылеит атәанчахәытә система аусура иамоу ауадаҩрақәеи уи иадҳәалоу азҵаарақәеи, иара убас Атәанчахәытә фонд аусура аиӷьтәреи.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахбанк урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара аамҭеихша еиҭахәаԥшит, уажәшьҭарнахыс урыстәылатәи атәанчахәқәа 8-10 мшы рыҩнуҵҟа иршалоит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Абанк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа, аԥыза-министра имҩаԥигоз аилатәараҟны.
Иара иҳәеит урыстәылатәи атәанчахәы зауа рхыԥхьаӡара 32 200-ҩык рҟынтәи 25 000-ҩык рҟынӡа ишылаҟәыз. Абас ала атәанчахәы ашара аамҭа 10-15 мшы рҟынтәи 8-10 мшы рҟынӡа ишеиҵахаз.
Ари амза аҿҳәара иахымгакәа аԥара ашәара алнаршоит.
Аԥсны Атәанчахәытә фонд аиҳабы Денис Гәылариа аилацәажәараҟны иҳәеит аԥсуа тәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи ршәара аамҭа шкьаҿхаз.
Уи адагьы Атәанчахәытә фонд ашықәс нҵәаанӡа аԥгаԥсатә лагалақәа ирыцлап ҳәа игәыӷуеит.
Аԥыза-министр аминистрреи афонди рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит ианаамҭоу атәанчахәқәеи ашәарақәеи ауаа рыҭара еиҿыркаарц.