АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik. Цандрыԥшь иҟаз ахысра инамаданы ашьаус хацыркуп, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҿ ишырҳәо ала, цәыббра 20 азы шьыбжьон ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ ахь автомашьына "Тойота" ала днеит идырым ауҩы.
Иара ҩынтә атәылауаҩ Анқәаб диехсит зыхгәыцә 16 ыҟоу ахыеиқәыршәа зго ашәарыцага шәақь №5299 ала. Анаҩс машьынала аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.
Ааха зауз ахаҵа Гагратәи ахәшәтәырҭахь днаган, амедицинатә цхыраара иҭан.
Уажәтәи аамҭазы ацәгьара ҟазҵаз ауаҩы иԥшаареи иаанкылареи рзы аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.