АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәразы аусутә гәыԥ аԥҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Аусутә гәыԥ напхгаҩыс даҭоуп Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.
Агәыԥ аилазаараҿ иҟоуп:
Аҩӡба Нодар - Аԥсны атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, аусбарҭа аматериал-техникатә еқәыршәара аиҳабы;
Агрба Ҭемыр - Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы;
Рустам Адлеиба - "Аԥсныформациа" аиҳабы;
Амҷба Ирма - Афинансқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ;
Арӡынба Ҭемыр - Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә амаҵзура;
Бондарь Едуард - Аԥсны Арбџьармчқәа аштаб Хада аиҿкааратә-аҽеизакратә усбарҭа аиҳабы;
Тәанба Руслан - "Апсныргылара" аиҳабы;
Харчлаа Т. - Арратә комиссариат аҟәша аиҳабы;
Гиви Хәырхәмал - Афинансқәа рминистрра агәаҭара-ревизиатә усбарҭа аиҳабы;
Цахнакиа Ҭамаз - Амедико-социалтә експертиза Ареспубликатә центр аиҳабы;
Ҵәыџьба Беслан - Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ;
Шергелиа Ҭемыр - Жәлар Реизара атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы.
Аусутә гәыԥ ахықәкы - ар рматериал-техникатә, рфинанстә, рмедицинатә еиқәыршәара аиӷьтәразы абжьгарақәа аус рыдулара, аҳақьым-наԥхьаратә комиссиақәа русура аиҿкаара, Арратә мчқәеи арезерви реинырра, анхарҭа-казарматә фонд арҽеирақәеи егьырҭ азҵаарақәеи рыӡбара.