Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥыза-министр аилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара аихшьаалақәа рыла

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа цәыббра 22 азы Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит.
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр аилацәажәара мҩаԥигеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара аихшьаалақәа рыла ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.
Аиҳабыра рхада анапынҵа ҟаиҵеит ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов зхадараҿы дҟало аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аилазааразы ажәадгалақәа азырхиазарц.
Аусбарҭабжьаратә усутә гәыԥ аԥҵахоит:
ар рматериал-техникатә, рфинанстә, рмедицинатә еиқәыршәара аиӷьтәразы абжьгарақәа аус рыдуларазы,
аҳақьым-наԥхьаратә комиссиақәа русура аиҿкааразы,
Арратә мчқәеи арезерви реинырразы,
анхарҭа-казарматә фонд арҽеирақәеи егьырҭ азҵаарақәа рыӡбарази.
Аԥсны АҶА аиҳабы инапы ианҵоуп араионқәеи ақалақьқәеи рнапхгаҩцәа ирнырны аграждантә ахыхьчаратә ргыларақәа ашәҟәы иҭаргаларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0