Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра аҽеизакра иаҵанамкуа атәылауаа ркатегориа ҿыцқәа асиа иадарбеит

Аоперациа ҷыда иалахәхо ахаҿқәа еилаӡарыла аррамаҵзура иахысуа ахаҿқәа рыстатус рыманы ашәарақәа рыҭахоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аӡбра аднакылеит атәылауаа ркатегориа ҷыдақәак хәҭакахьалатәи аҽеизакра иаҵаркымзарц. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал.
Асеиԥш аӡбра рыдкылан Урыстәыла афинанстә система аусура аиҿкаареи атехнологиа ҳаракқәа русхкқәа русура аиҿкаарази ҳәа аанацҳауеит.
Аррамаҵзурахь инагахом аинформациатә технологиақәа, аинформациеи аимадареи, амилаҭтә ԥарашәаратә системеи аинфраструктуреи рҭышәынтәалара аԥызҵо аиҿкаарақәеи рҟны аус зуа, аимадара аоператорцәа.
Владимир Путин иусԥҟала цәыббра 21 азы Урыстәыла хәҭакахьалатәи аҽеизакра рылаҳәоуп. Иазгәаҭоуп уахь иаҵанакыр шалшо азапас аҿы иҟоу, аррамаҵзура иахысхьоу, арратә занааҭ змоу, аԥышәа змоу ауаа.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилизациаз аилыркаага акьыԥхьит