Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилизациаз аилыркаага акьыԥхьит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистерство обороны России
Министерство обороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.09.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин цәыббра 21 азы хәҭа-хәҭалатәи аҽеизакра рылеиҳәеит.
АҞӘА, цәыббра 23- Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҽеизакраз аилыркаага акьыԥхьит.
Инарԥхьоит адҵа анагӡарз зыда ԥсыхәа ыҟам: ахысыҩцәа, атанкныҟәцаҩцәа, артеллиристцәа, амашьынарныҟәцаҩцәа, амеханик-рныҟәцаҩцәа.
Азапас аҟынтә аҽеизакрахь инаԥхьахо зегь раԥхьа иргыланы арратә занааҭ змоу роуп.
Инаԥхьахо рхыԥхьаӡара архәҭақәа рыштат иақәшәоит. Ихадоу аибашьратә ԥышәа амазаара ауп.
Аофицерцәа реиԥш иааԥхьахоит асержантцәеи асолдаҭцәеи.
Азакәан инақәыршәаны аҽеизакра иаҵанакуеит асолдаҭцәеи асержантцәеи - 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, аофицер еиҵыбцәа – 50 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, аофицер еиҳабацәа – 55 шықәса рҟынӡа зхыҵуа.
Иҟоуп амаҵзурақәа, аҳәса инарыгӡар алшо. Иаҳҳәап, амедусзуҩцәа.
Азакәан инақәыршәаны аҽеизакра иаҵанакуам:
атәылахьчаратә ааглыхраҿ аус зуа,
згәамбзиара иахҟьаны аамҭала знаԥхьара алымшо,
аҭаацәарҿы ахылаԥшра зҭаху ма актәи агәыԥ иаҵанакуа ахымхәа ихылаԥшуа,
ԥшьҩыки инеиҳани жәаф шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа змоу,
дара рыдагь, занацәа ԥшьҩыки инеиҳани ахшара змоу, абыда ирааӡо.
Ишьақәыргылоу аԥҟарала аброн змоу атәылауаа аҿҳәаранахара азин рымоуп "Аҽеизакратә ҽазыҟаҵаразы" азакәан 18, апункт акы инақәыршәаны.
Урыстәыла анҭыҵ иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, арратә шәҟәҭагалара змам аҽеизакра иаҵанакуам, аамҭала атәыла иалҵыз, аха Урыстәыла арратә шәҟәҭагалара змоу рнаԥхьара ҟалоит.
Арратә тәанчаҩы, ԥхьатәара дыҟазар (65 шықәса деиҳазар ма игәамбзиараз ихы дақәиҭтәызар), арратә шәҟәҭагалараҟынтә дықәгазар, аҽеизакра даҵанакуам.
Азапас аҟынтә инарыԥхьо рзы аквотақәа шьақәыргылам, регион-цыԥхьаӡа арратә шәҟәҭагалараҿы заҟаҩ ҭаҩу иахьырԥшуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0