Аԥсны

Ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа изышьҭаз ахаҵа даанкылоуп

Ахаҵа аамҭалатәи аанкыларҭаҿ дыҟоуп, хара имгакәа аусӡбарҭахь азыҳәа нашьҭхоит ирбаандаҩразы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Гәдоуҭа инхо, ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас иҟазҬемыр Чычба азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аусҭҵаара заанаҵтәи адыррақәа рыла абҵара 23, 2019 шықәсазы Ҭемыр Чычба иҩны ашәарыцага шәақь ала Ҭемыр Котуа диеихсит. Ахы зыхәда иақәшәаз Котуа аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит.
Аҭаацәаратә еимакы иахҟьаны Чычба гәҭакыла ашьра ҟаиҵеит. Чычба иԥшаара рылаҳәан 2019 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы.
Хара имгакәа Гәдоуҭа араион аусӡбарҭахь азыҳәа нашьҭхоит иара ирбаандаҩразы.
Аԥсны
Аслан Басариа иҭаацәа рҟынтә змашьына иеихсыз ихьӡ ҳәоуп