Аԥсны

Афонд "Ашана" имҩаԥнагоит агәыҳалалратә аукцион "Аԥсҭазаара ахьӡала"

Аукцион аҿы еизгахо аԥарақәа зегьы афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо, епидермолиз ҳәа адиагноз ззықәгылоу Миша Реиман ихәшәтәра иазырхахоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цәыббра 26 рзы Аԥсуа драмтеатр аконцерттә зал аҿы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" имҩаԥнагоит агәыҳалалратә аукцион "Аԥсҭазаара ахьӡала" ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Ишьақәгылоу атрадициала аукцион аҿы еизгахо аԥарақәа зегьы афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо, епидермолиз ҳәа адиагноз ззықәгылоу Миши Реиман ихәшәтәра иазырхахоит. Еизгатәуп 300 нызқь мааҭ. Аԥарақәа ахәшәқәеи аматериал ныхтәқәеи аалархәоит", - лҳәеит лара.

Аукцион аҿы 15 лот азгәаҭоуп: Асида Аҳәԥҳа лколлекциатә кьанџьақәа, асахьаҭыхыҩцәа Ҭемыр Ҵәыџьба, Баҭал Џьапуа, Александр Боиаџьан, Аԥшьа Ҳагԥҳа, Адгәыр Амԥар, Диана Хынҭәԥҳа рырҿиамҭақәа, Амилаҭтә банк агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа, аиувелиртә лыхымҭақәа, хәызмоу ашәҟәқәа.
Џьынџьалԥҳа илҳәеит арҭ зегьы авторцәа хәыда-ԥсада ишрырҭаз.
Аԥсны
Аномер ԥшӡақәа: афонд "Ашана" агәыҳалалратә аукцион аихшьалақәа ҟанаҵеит