АҞӘА, цәыббра 24 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рӷыӷкроуп ҳәа ахнаҳәааит ҳреспубликахь ақырҭуа хҵәацәа ырхынҳәтәуп ҳәа ақырҭуа активистцәа ахьықәгылоз акциа. Абри атәы аанацҳауеит ААР апресс-центр.
"Ақырҭуа чынуаа Қырҭтәыла ҭынчымҩала аилибамкаарақәа рыӡбара иазхиоуп ҳәа аҳәамҭақәа шыҟарҵогьы, аус аҿы излаабо ала, Қырҭтәыла ҳрегион аҿы ашәарҭадара ашьаҭақәа ҵызшәаауа ашьаҿақәа уажәы-уажәы иҟанаҵоит", - ҳәа аанацҳауеит адырраҭара.
Аусбарҭаҿы ишазгәарҭо ала, ақырҭуа уаажәларратә активистцәа ракциа мҩаԥысуан америкатәи ацҳаражәҳәарҭеи Жәларбжьаратәи аҿиаразы Еиду Америкатәи аштатқәа рмаҵзуреи рыдгыларала.