Аԥсны

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

Афестиваль хықәкыс иамоуп аԥхьарахь абзиабара аларҵәара, еиҳарак аҿар рыбжьара, абиблиотека ахшыҩ шәырц азы иреиӷьу аҭыԥқәа ишреиуоу дырдырра.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысуеит IX Жәларбжьаратә аҿартә арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа", уи азкуп еицырдыруа аԥсуа романист Иван Папасқьыр диижьҭеи 120 шықәса аҵра.
Аусмҩаԥгатә аартуа, Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа иҳәеит афестиваль амҩаԥгара уажәшьҭа традициак ишаҩызахаз, есышықәса уи ишаҭаауа еиҳа-еиҳа ирацәаҩны алахәцәеи ахәаԥшцәеи. Арт-фестиваль хықәкыс иамоуп аԥхьарахь абзиабара аларҵәара, еиҳарак аҿар рыбжьара иҳәеит иара.

Абиблиотека ахыбра азааигәара еиуеиԥшым азҿлымҳара зуҭаша аҭыԥқәа еиҿкаан, урҭ ирыднаԥхьалон аиҳабацәагьы, аҿаргьы. Ара иҟан ашәҟәқәа рцәыргақәҵа, атеатртә қәгыларақәа, амузеиқәа рҭыԥ, аҟазареи амилаҭтә напкымҭақәеи рцәыргақәҵа, хазы иҟан акәашареи амузыкеи, иара убас аспорт, ахәыҷқәа рыхәмарырҭа, амилаҭтә уаԥшьқәа рҭыԥқәа.

"Агәыӷра ҳамоуп ҳаԥхьаҟа ари аҩыза аусмҩаԥгатә еиҳагьы ауаа аднаԥхьалап ҳәа, алшара ҳауп ҳәа аҭоурых, акультура, ашәҟәыԥхьара ргәазырԥхаша егьырҭ апроектқәагьы рынагӡара", - лҳәеит акультура аминистрра ахаҭарнак Милана Хоџьааԥҳа.
Ашәҟәыҩҩы Владимир Делба аусмҩаԥгатә алахәцәеи асасцәеи рҿаԥхьа дықәгыло, иҭабуп ҳәа реиҳәеит арт-фестиваль ашьаҭаркҩы Борис Ҷолариеи атәыла анапхгареи.
"Иахьа дысгәаласыршәарц сҭахын иҳалагылам, аха гәынхәҵысҭала ҳааигәа дыҟоушәа ҳхы-ҳгәы иҭоу абиблиотека зыхьӡ аху ҳашәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр. Угәы узырхьуа уи ауп, иара иеиԥш иҟоу ауаа дуқәа рыхьӡқәа иаҳа-иаҳа ирхашҭуа иаҿуп еиуеиԥшым аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны. Иван Папасқьыр – еицырдыруа аԥсуа романиступ, иара 30-тәи ашықәсқәа раан адунеи зегьы ҳтәыла ахьӡ дирдыруа далагеит, иналукааша уаажәларратә усзуҩын, акультура аларҵәаҩын, аха раԥхьаӡа иргылан иара зеиԥш ыҟам шәҟәыҩҩын-романистын", - ҳәа азгәеиҭеит Делба.
1 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

2 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

3 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

4 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

5 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

6 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

7 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

8 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

9 / 14

Амилаҭтә библиотека аусзуҩ Ламзира Шьынқәырԥҳа

10 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

11 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

12 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

13 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

14 / 14

Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҿы анеиааирақәа" мҩаԥысуеит Аҟәа

Арт-фестиваль акәакьқәа руак изкын раԥхьатәи аԥсуа роман автор Иван Папасқьыр – аҭааҩцәа алшара рыман иара иусумҭақәа рыхәаԥшра, Амилаҭтә библиотека аусзуҩ Ламзира Шьынқәырԥҳа ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкыз алекциақәа дрыԥхьон.
Афестиваль апринцип хадақәа иреиуоуп уи изҭаху зегьы алахәхарц алшара рыҭара, алахәцәа реиԥш ахәаԥшцәагьы. Афестиваль аԥҵаҩцәа – акультура аминистрреи Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекеи.
Аԥсны
Аҟәа имҩаԥгахоит Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа"