Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа имҩаԥгахоит Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа"

© Sputnik / Томас ТхайцукАрт фестиваль "Прогулка по набережной"
Арт фестиваль Прогулка по набережной - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2022
Анапаҵаҩра
Афестиваль ахықәкы - ашәҟәыԥхьара аӡыргара, еиҳарак аҿар радԥхьалара, уи азы еиҳа аинтеллектуалтә ҿиара аиура алзыршо ҭыԥны абиблиотека алкаара.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. IX Жәларбжьаратәи Аҿартә Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" аатуеит цәыббра 25 азы И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекаҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абиблиотека адиректор Борис Ҷолариа.
Арт-фестиваль аҿы еиҿкаахоит афестиваль аҵакырақәа быжьба акультура, аҟазара, жәлар рырҿиамҭа аусхкқәа аазырԥшуа.
"Аԥхьара амаҷхара адунеи зегьы аҿы ашәҟәыԥхьара алазырҵәаша апроектқәа рымҩаԥгарахь икылнагеит. Ахархәара рыҭахоит аҿыханҵатә ҟазара, жәлар рҟазара, ажәа амч, абиблиотекақәа. Ауснагӡатә иалахәхоит жәларбжьаратәи астатус змоу Урыстәыла арегионқәа", - иҳәоит Ҷолариа.

Еснагь Арт-фестиваль "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" ирлахәылоуп – Краснодартәи атәылаҿацә аҿартә библиотека, Адыгатәи амилаҭтә библиотека, Некрасов ихьӡ зху Москватәи абиблиотека.

"Акультуратә, амузыкатә, акәашаратә программақәа Аԥсны араионқәа зегьы ицәырыргоит. Арт-фестиваль аинтерес аҵаны имҩаԥысуеит, избанзар иараҿы ҿыц иалаго ашәаҳәаҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа аналаҳкаауа ыҟоуп", - иҳәеит абиблиотека адиректор.
Сынтәа афестиваль раԥхьатәи аԥсуа романист Иван Папасқьыр диижьҭеи 120-шықәса аҵра иазкуп.
Афестиваль ахықәкы - ашәҟәыԥхьара аӡыргара, еиҳарак аҿар радԥхьалара, уи азы еиҳа аинтеллектуалтә ҿиара аиура алзыршо ҭыԥны абиблиотека алкаара.
Борис Ҷолариа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2019
Арадио
Ҷолариа "Аԥшаҳәаҟны анеиааирақәа" азы: аԥхьаҩ дхызхша ҟалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0