Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аруаа Донецк 100-ҩык украинатәи аибашьцәа ҭадырхеит

Арратә аоперациа иалагазар, ааха рыҭоуп: 301 ҳаирплан, 155 вертолиот, 2074 аԥырҩы дызҭам аппарат, 377 зенит-ракетатә комплекс, 5111 танк, 845 ареактив-систематә машьынақәа, 3410 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа, 5794 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Урыстәыла арратә мчрақәа авиациа ала Донецк 100-ҩык украинатәи аибашьцәа ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Икылкаан ихысуа абџьар ала Урыстәыла арратә мчрақәа УАМ атехника арҽеиреи аиҭашьақәыргылареи мҩаԥызгоз 72-тәи абригада ДЖәР Анновка ааигәара иҭадырхеит 50-ҩык аибашьцәеи 28 ак аибашьыга техниеки", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Уи адагьы урыстәылатәи артиллериа еиԥнаҟьеит УАМ 79-тәи адесант-жәыларатә бригада ДЖәР аиланхарҭа Маринка аҟны ажәылара.
"Аӷа ицәыӡит 50–ҩык аибашьцәа", - ҳәа рҳәеит аминистрраҿы.
Иара убас, Урыстәылатәи авиациа икарыжьит украинатәи аҳаирпланқәа МиГ-29 ҩ-цырак. Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿ Украина уахыки-ҽнаки рыла иацәыӡит 110-ҩык инреиҳаны аибашьцәа ихәуи ишьуи.