Аԥсны

Чепели Романкови рус Аҟәатәи аусӡбарҭахь инашьҭуп

Аԥсны анаркотикатә маҭәашьарқәа (39 грамм аметадон) рыҭиразы ҩыџьа урыстәылауаа ԥсраҽнынӡа аҭакра рықәҵахар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 27 - Spunik. Александр Чепели Владимир Романкови рус аусӡбарҭахь инашьҭуп ахарадҵаратә лкаа ҟаҵаны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Ставрополь атәылаҿацә ауааԥсыра Чепели Романкови рганахь ала ашьаус хыцыркуп Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3 апункт "в" иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (еибыҳәаны закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьар хыԥхьаӡара рацәала аахәара, амазаара, аҭира) инақәыршәаны.
Александр Чепели Владимир Романкови иаадкыланы ирыдбалан 39 грамм аметадон, 98 еилаҳәарала иазырхианы.
Арҭ аҩыџьа анаркотикқәа Аҟәа аларҵәара рыгәҭакын. Ҵәахырҭа-ҭыԥ цыԥхьаӡа азы 500-500 мааҭ рзыршәон. ԥхынгәы 23 азы дара аанкылан Кьылашәыртәи авокзал ааигәара.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла Аԥсны анаркотикқәа раларҵәарази рыҭиразыи ацәгьа зуз урыстәылауаа ԥсраҽнынӡа аҭакра рықәҵахар ҟалоит.