Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Донбасс ареферендуми иҷыдоу аоперациа астатус аԥсахреи ирызкны

Донбасс иҭарцәу аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит ареферендум. Иахьа аҵыхәтәантәи мшуп. Ари аполитикатә процесс ахыркәшара аамышьҭахь Урыстәыла ашьаҿақәа зеиԥшрахарц зылшо азы арадиоефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра реиҳараҩык Урыстәыла алаларазы ареферендумқәа рхы рыладырхәуеит ҳәа аанацҳауан ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаауа Урыстәылазегьтәи ацентр ареферендум аламҭалаз. ДЖәРи ЛЖәРи рҿы инхо ауааԥсыра рҟынтә изазҵааз 87% абжьыҭара анеира рыгәҭакын, Запорожиетәи аобласт аҿы – 80%, Херсонтәи аобласт аҿы - 69%. Ареферендум хыркәшахоит цәыббрамза 27 рзы.
"Арефеоендум қәҿиарала имҩаԥысуеит иара аҭагылазаашьа злаҟоу ала. Арҭ аҵакырадгьылқәа ареферендум ҩымш -хымш рышьҭахь Урыстәыла аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациа ахеилаки рыӡбамҭала Урыстәыла иадырҵоит. Уи шыҟало зегьы ирбоит. Аха, иазгәаҭатәуп аҵакырадгьылқәа Урыстәыла иадло рыстатус аҽшаԥсахуа, ус анакәха, аоперациа астатусгьы аҽаԥсахуеит", - хәа иҳәеит Ҳагба.
Арратә ҟазауаа ирҳәоит, Урыстәыла алшарақәа рхы иахьадырхәуа 50% рылоуп ҳәа, аха аоперациа асататус аҽаԥсахуеит, уи ауп аҽеизгарагьы заԥшьгахаз, ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Убри аан аполитолог игәаанагарала Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа Украина иага бџьарла еиқәнаршәаргьы Урыстәыла иазаиааиӡом, убри аан апроцесс аиҿцәажәарахь аиагарагьы макьана иауӡом.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.