https://sputnik-abkhazia.info/20220927/khra-zlou-akhysa-agba-donbass-areferendumi-iydou-aoperatsia-astatus-asakhrei-iryzkny--1041731423.html
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Донбасс ареферендуми иҷыдоу аоперациа астатус аԥсахреи ирызкны
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Донбасс ареферендуми иҷыдоу аоперациа астатус аԥсахреи ирызкны
Sputnik Аҧсны
Донбасс иҭарцәу аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит ареферендум. Иахьа аҵыхәтәантәи мшуп. Ари аполитикатә процесс ахыркәшара аамышьҭахь Урыстәыла ашьаҿақәа зеиԥшрахарц... 27.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-27T16:21+0300
2022-09-27T16:21+0300
2022-10-14T18:45+0300
арадио
аподкаст
аԥсны
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1b/1041731270_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_345612f1c1972ac730fb4c6b87a10a72.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Донбасс ареферендуми иҷыдоу аоперациа астатус аԥсахреи иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Донбасс ареферендуми иҷыдоу аоперациа астатус аԥсахреи иазкны
Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра реиҳараҩык Урыстәыла алаларазы ареферендумқәа рхы рыладырхәуеит ҳәа аанацҳауан ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаауа Урыстәылазегьтәи ацентр ареферендум аламҭалаз. ДЖәРи ЛЖәРи рҿы инхо ауааԥсыра рҟынтә изазҵааз 87% абжьыҭара анеира рыгәҭакын, Запорожиетәи аобласт аҿы – 80%, Херсонтәи аобласт аҿы - 69%. Ареферендум хыркәшахоит цәыббрамза 27 рзы."Арефеоендум қәҿиарала имҩаԥысуеит иара аҭагылазаашьа злаҟоу ала. Арҭ аҵакырадгьылқәа ареферендум ҩымш -хымш рышьҭахь Урыстәыла аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациа ахеилаки рыӡбамҭала Урыстәыла иадырҵоит. Уи шыҟало зегьы ирбоит. Аха, иазгәаҭатәуп аҵакырадгьылқәа Урыстәыла иадло рыстатус аҽшаԥсахуа, ус анакәха, аоперациа астатусгьы аҽаԥсахуеит", - хәа иҳәеит Ҳагба.Арратә ҟазауаа ирҳәоит, Урыстәыла алшарақәа рхы иахьадырхәуа 50% рылоуп ҳәа, аха аоперациа асататус аҽаԥсахуеит, уи ауп аҽеизгарагьы заԥшьгахаз, ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.Убри аан аполитолог игәаанагарала Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа Украина иага бџьарла еиқәнаршәаргьы Урыстәыла иазаиааиӡом, убри аан апроцесс аиҿцәажәарахь аиагарагьы макьана иауӡом.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/09/1b/1041731270_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_7eb049eacceb3dc3299160f118e5ef66.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аподкаст, аԥсны, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аподкаст, аԥсны, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳагба Донбасс ареферендуми иҷыдоу аоперациа астатус аԥсахреи ирызкны
16:21 27.09.2022 (ирҿыцуп: 18:45 14.10.2022) Донбасс иҭарцәу аҭыԥқәа рҿы имҩаԥысуеит ареферендум. Иахьа аҵыхәтәантәи мшуп. Ари аполитикатә процесс ахыркәшара аамышьҭахь Урыстәыла ашьаҿақәа зеиԥшрахарц зылшо азы арадиоефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Донбасс ареспубликақәа, Херсонтәи аобласт, Запорожие руааԥсыра реиҳараҩык Урыстәыла алаларазы ареферендумқәа рхы рыладырхәуеит ҳәа аанацҳауан ауаажәларратә гәаанагара ҭызҵаауа Урыстәылазегьтәи ацентр ареферендум аламҭалаз. ДЖәРи ЛЖәРи рҿы инхо ауааԥсыра рҟынтә изазҵааз 87% абжьыҭара анеира рыгәҭакын, Запорожиетәи аобласт аҿы – 80%, Херсонтәи аобласт аҿы - 69%. Ареферендум хыркәшахоит цәыббрамза 27 рзы.
"Арефеоендум қәҿиарала имҩаԥысуеит иара аҭагылазаашьа злаҟоу ала. Арҭ аҵакырадгьылқәа ареферендум ҩымш -хымш рышьҭахь Урыстәыла аҳәынҭқарратә Думеи Афедерациа ахеилаки рыӡбамҭала Урыстәыла иадырҵоит. Уи шыҟало зегьы ирбоит. Аха, иазгәаҭатәуп аҵакырадгьылқәа Урыстәыла иадло рыстатус аҽшаԥсахуа, ус анакәха, аоперациа астатусгьы аҽаԥсахуеит", - хәа иҳәеит Ҳагба.
Арратә ҟазауаа ирҳәоит, Урыстәыла алшарақәа рхы иахьадырхәуа 50% рылоуп ҳәа, аха аоперациа асататус аҽаԥсахуеит, уи ауп аҽеизгарагьы заԥшьгахаз, ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Убри аан аполитолог игәаанагарала Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа Украина иага бџьарла еиқәнаршәаргьы Урыстәыла иазаиааиӡом, убри аан апроцесс аиҿцәажәарахь аиагарагьы макьана иауӡом.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.