Аԥсны

Лукашенко Аԥсныҟа иаара инамаданы Белоруссиа ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла ААР ахь днарԥхьеит

Белоруссиа ахада Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофициалла Аԥсны даҭааит цәыббра 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Қырҭтәыла иҟоу Белоруссиа ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Лис атәыла адәныҟаполитикатә усбарҭахь днарԥхьеит, белоруссиатәи ахада Александр Лукашенко Аԥсны иаҭаара ишаҿагыло азгәаҭо. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Грузиа аусбарҭа аҳәамҭа шьаҭас иганы.
"Ари ахҭыс Қырҭтәыла хьаас ишыҟанаҵаз азгәаҭо беларуссиатәи аган аилырка ҟанаҵарц рыднаҵеит", - ҳәа ахәоит аҳәамҭаҿы.
Белоруссиа ахада Александр Лукашенко Аԥснытәи иколлега диԥылеит Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы. Иара иазгәеиҭеит, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рымацара ракәымкәан гәҭакыс ишимоу аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура арӷәӷәара.
Аԥсны
Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофицалла Аԥсны даҭааит