Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Александр Лукашенко раԥхьаӡа акәны аофицалла Аԥсны даҭааит

© Foto / пресс-служба Президента РА Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с Президентом Республики Беларусь Александром Лукашенко.
Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с Президентом Республики Беларусь Александром Лукашенко. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иԥылараан Белоруссиа ахада иҳәеит аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы аусура ахацыркра гәҭакны ишимоу.
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Пицундатәи аҳәынҭқарратә дачаҿы Белоруссиа ахада Александр Лукашенко диԥылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа асас игәалаиршәеит 1996 шықәса ажьырныҳәамзазы ИАР аҳәынҭқарра-лахәылақәа рхадацәа рхеилак аан Александр Лукашенко аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны аекономикатә ҭахкаара дшаҿагылаз.
"Шәара иазгәашәҭеит аибашьра иалҵыз Аԥсны аҭахкаара шиашам. Аԥсны уи рдыруеит, ахәгьы ҳаракны иршьоит. Ҳара ауаҩытәыҩсатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Шәара иахьа ара шәыҟазаара агәахәара ду ҳнаҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Александр Лукашенко иҳәеит Аԥсныҟа иаара Урыстәыла ахадеи иареи реицәажәара ишалҵшәоу, адунеитә ҭагылазаашьа ишадҳәалам.
"Иацы Аԥсны ауадаҩрақәа ҳрылацәажәон ҳашьеиҳаб Владимир Владимир-иԥа Путини сареи. Ҳагьазкылсит ӡбамҭак – Аԥсны ацәхьаҵра ҟалом. Ацхыраара аҭалатәуп, ари ишәҭыкакаҷуа атәыла, ацхыраара рыҭалатәуп ара инхо ажәлар рыбзазара маншәалахарц", - ҳәа иҳәеит Александр Лукашенко.
© Foto / пресс-служба Президента РА

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит Белоруссиа ахада Александр Лукашенко.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит Белоруссиа ахада Александр Лукашенко. - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

3/3

Белоруссиа ахада игәалаиршәеит асовет аамҭақәа раан Аԥсныҟа дшаахьаз. Ажәадгала ҟаиҵеит аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы азҵаарақәа ирылацәажәазарц.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.08.2022
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Аԥсны шазыхио Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара
"Сара аполитикаҿ аԥышәа змоу уаҩуп. Ҳаилацәажәап. Ҳазхәыцып ԥхьаҟа ҳшынхаша. Ихадароу ажәлар абзазара бзиа рыманы рыҟазаароуп, избанзар Аԥсны ауаажәлар уаа цқьақәоуп. Уи ус шакәу сара еилыскааит ара саныҟаз аамҭақәа рзы. Убри азоуп аиҩызаратә цҳақәа ракәымкәа еизааигәаӡоу аизыҟазаашьақәа ахәҭаны изаабо", - ҳәа иҳәеит Лукашенко.
Белоруссиа ахада Аԥсныҟа дааит цәыббра 28 азы. Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан ирылацәажәеит ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа, ахәаахәҭра-економикатә еинырра, иахьатәи аҭагылазаашьақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0