Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз

Sputnik

Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа аԥхьагыларатә архәҭақәа аӡиас Гәылрыԥшь араион Маҷара аӡиас аҟны ақырҭуа ар рхырӷәӷәарҭақәа ԥжәаны Бабышьра ақыҭан Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ааныркылеит. Аҩбатәи агәыԥ Кәыдры аӡиас аҟынӡа инаӡеит, уа Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи дареи еиԥылеит.

Барцыцԥҳа Кәыдрытәи ацҳаҟны ҩ-фронтк реиқәшәара амш азы: уи ауп аиааира ҳәа исԥхьаӡо

Ари афотонҵамҭаҿы еизгоу афотоҭыхымҭақәа равтор Марина Барцыцԥҳа Емма Ҭаниаԥҳаи афонд "Амшреи" иҭабуп ҳәа ралҳәоит афотоархив асканер ахыжьраҟны иҟарҵаз ацхырааразы. Марина Барцыцԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амедицина-санитартә баталион далан, уи аамҭазы аибашьцәа рфотосахьақәа ҭылхуан, архив ду аԥҵаны илымоуп.

"Сгәанала, сара исықәҿиеит ианаҭахыз иахьаҭахыз сахьыҟалаз. Уаҳа афотоҭыхҩы ииҭахи? Насыԥс исыман Кәыдрытәи ацҳахь раԥхьа инеиз сахьрылаз. Ҳара иаразнак иагьҳзеилымкааит уи ацҳа ҳахысыр шыҟалоз, нырцә ҳара ҳтәқәа шгылаз. Ҳаибашьцәа ацҳа агәҭаҟны раԥхьаӡа ианеиԥылоз аминуҭқәа рзы рааигәара сҟалеит. Уи насыԥ дуӡӡан зегь ҳзы. Цәаныррақәас иҳамаз зегьы афотосахьақәа рҿы иубоит. Убри амш акәын сара сзы аиааира амш. Убас ҳгәы иаанагон - адунеи зегьы ҳҿагыларгьы, аӡәгьы уажәшьҭа даҳзымиааиуазшәа", - ҳәа Sputnik иалҭаз аинтервиуқәа руак аҿы илҳәеит Марина Барцыцԥҳа.

Аринахыс Очамчыра-Тҟәарчалтәи арегион 13 мзы инареиҳаны изҭагылаз аблокада аҵыхәа ԥҵәан. Ақырҭуа ар рыхәҭақәак рабџьари рырратә техникеи кажьны ашьхақыҭа Лаҭа шыҟаз рхы рханы иқәҵуан.

Қырҭтәыла иаҿагыланы аибашьраҿы аԥсуа ган аҟынтәи иҭахеит 3,5 нызқьҩык. Хә-нызқьҩык инарзынаԥшуа ахәрақәа роуит, ҩышәҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.

Цәыббрамза аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аԥсны иргәаладыршәоит ареспублика ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз, иазгәарҭоит Аиааира Амшныҳәа.

 

1 / 10
Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа еиқәшәеит.
2 / 10
Аӷацәа рырхәҭақәа ашьхарақәа рҿы иҟаз ақыҭақәа рахь ихьаҵит, уаҳа аҿагылара ҳәа акгьы ҟарҵомызт.
3 / 10
Аԥсуа ар еиҟәшаз рымч уажәшьҭа еибырҭеит, иззымиааиуаз ҳәа акгьы ыҟамызт.
4 / 10
"Аиԥылара". Ҳаибашьцәа акыр иззыԥшыз Аиааира еидырныҳәалоит. Уи насыԥ дуӡӡан зегь рзы.
5 / 10
Ацҳа ахьчаҩцәа - Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ зхыз аԥшыхәра-диверсиатә гәыԥ аибашьцәа: адҵаҟаҵаҩ Амиран Берзениа, Вахтанг Мацхарашвили, Гиви Ҭурқьиа, Рауль Ԥанҭиа.
6 / 10
Аԥшыхәра-диверсиатә гәыԥ дҵас иаман аӷа ацҳа аҩганк рыла дзықәымсыртә аҟаҵара. Ацҳа ахәҭак ԥжәан.
7 / 10
Аԥсуа ар афронтқәа рыҩбагьы анеиқәшәа ашьҭахь, Егры аҳәаахь рымҩа иацырҵеит.
8 / 10
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҟны аԥсуа ган ахьтә иҭахеит 3,5 нызқьҩык, х-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит, ҩышәҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.
9 / 10
Ацҳахь Тҟәарчалынтәи инеит аибашьцәа зҭатәаз Камаз. Аринахыс Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа 13 мзы изҭагылаз аблокада рхыхын.
10 / 10
Афотоҭыхымҭақәа равтор Марина Барцыцԥҳа Емма Ҭаниаԥҳаи афонд "Амшреи" иҭабуп ҳәа ралҳәоит афотоархив асканер ахыжьраҟны иҟарҵаз ацхырааразы.