Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз

Анапаҵаҩра
Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы Аԥсуа ар Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа еиқәшәеит.

Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа аԥхьагыларатә архәҭақәа аӡиас Гәылрыԥшь араион Маҷара аӡиас аҟны ақырҭуа ар рхырӷәӷәарҭақәа ԥжәаны Бабышьра ақыҭан Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ааныркылеит. Аҩбатәи агәыԥ Кәыдры аӡиас аҟынӡа инаӡеит, уа Мрагыларатәи афронт аибашьцәеи дареи еиԥылеит.

На заседании по вопросам абхазского языка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2020
Арадио
Барцыцԥҳа Кәыдрытәи ацҳаҟны ҩ-фронтк реиқәшәара амш азы: уи ауп аиааира ҳәа исԥхьаӡо

Ари афотонҵамҭаҿы еизгоу афотоҭыхымҭақәа равтор Марина Барцыцԥҳа Емма Ҭаниаԥҳаи афонд "Амшреи" иҭабуп ҳәа ралҳәоит афотоархив асканер ахыжьраҟны иҟарҵаз ацхырааразы. Марина Барцыцԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амедицина-санитартә баталион далан, уи аамҭазы аибашьцәа рфотосахьақәа ҭылхуан, архив ду аԥҵаны илымоуп.

"Сгәанала, сара исықәҿиеит ианаҭахыз иахьаҭахыз сахьыҟалаз. Уаҳа афотоҭыхҩы ииҭахи? Насыԥс исыман Кәыдрытәи ацҳахь раԥхьа инеиз сахьрылаз. Ҳара иаразнак иагьҳзеилымкааит уи ацҳа ҳахысыр шыҟалоз, нырцә ҳара ҳтәқәа шгылаз. Ҳаибашьцәа ацҳа агәҭаҟны раԥхьаӡа ианеиԥылоз аминуҭқәа рзы рааигәара сҟалеит. Уи насыԥ дуӡӡан зегь ҳзы. Цәаныррақәас иҳамаз зегьы афотосахьақәа рҿы иубоит. Убри амш акәын сара сзы аиааира амш. Убас ҳгәы иаанагон - адунеи зегьы ҳҿагыларгьы, аӡәгьы уажәшьҭа даҳзымиааиуазшәа", - ҳәа Sputnik иалҭаз аинтервиуқәа руак аҿы илҳәеит Марина Барцыцԥҳа.

Аринахыс Очамчыра-Тҟәарчалтәи арегион 13 мзы инареиҳаны изҭагылаз аблокада аҵыхәа ԥҵәан. Ақырҭуа ар рыхәҭақәак рабџьари рырратә техникеи кажьны ашьхақыҭа Лаҭа шыҟаз рхы рханы иқәҵуан.

Қырҭтәыла иаҿагыланы аибашьраҿы аԥсуа ган аҟынтәи иҭахеит 3,5 нызқьҩык. Хә-нызқьҩык инарзынаԥшуа ахәрақәа роуит, ҩышәҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.

Цәыббрамза аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аԥсны иргәаладыршәоит ареспублика ахьыԥшымра зхы ақәызҵаз, иазгәарҭоит Аиааира Амшныҳәа.

 

© Foto / Марина Барциц Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа еиқәшәеит.
Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа еиқәшәеит.  - Sputnik Аҧсны
1/10
Цәыббра 29, 1993 шықәсазы Кәыдрытәи ацҳаҿы Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа еиқәшәеит.
© Foto / Марина Барциц Аӷацәа рырхәҭақәа ашьхарақәа рҿы иҟаз ақыҭақәа рахь ихьаҵит, уаҳа аҿагылара ҳәа акгьы ҟарҵомызт.
ФЛ ко дню победы  - Sputnik Аҧсны
2/10
Аӷацәа рырхәҭақәа ашьхарақәа рҿы иҟаз ақыҭақәа рахь ихьаҵит, уаҳа аҿагылара ҳәа акгьы ҟарҵомызт.
© Foto / Марина Барциц Аԥсуа ар еиҟәшаз рымч уажәшьҭа еибырҭеит, иззымиааиуаз ҳәа акгьы ыҟамызт.
ФЛ ко дню победы  - Sputnik Аҧсны
3/10
Аԥсуа ар еиҟәшаз рымч уажәшьҭа еибырҭеит, иззымиааиуаз ҳәа акгьы ыҟамызт.
© Foto / Марина Барциц "Аиԥылара". Ҳаибашьцәа акыр иззыԥшыз Аиааира еидырныҳәалоит. Уи насыԥ дуӡӡан зегь рзы.
Аиԥылара. Ҳаибашьцәа акыр иззыԥшыз Аиааира еидырныҳәалоит. Уи насыԥ дуӡӡан зегь рзы. - Sputnik Аҧсны
4/10
"Аиԥылара". Ҳаибашьцәа акыр иззыԥшыз Аиааира еидырныҳәалоит. Уи насыԥ дуӡӡан зегь рзы.
© Foto / Марина Барциц Ацҳа ахьчаҩцәа - Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ зхыз аԥшыхәра-диверсиатә гәыԥ аибашьцәа: адҵаҟаҵаҩ Амиран Берзениа, Вахтанг Мацхарашвили, Гиви Ҭурқьиа, Рауль Ԥанҭиа.
Ацҳа ахьчаҩцәа - Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ зхыз аԥшыхәра-диверсиатә гәыԥ аибашьцәа: адҵаҟаҵаҩ Амиран Берзениа, Вахтанг Мацхарашвили, Гиви Ҭурқьиа, Рауль Ԥанҭиа. - Sputnik Аҧсны
5/10
Ацҳа ахьчаҩцәа - Мушьни Хәарцкьиа ихьӡ зхыз аԥшыхәра-диверсиатә гәыԥ аибашьцәа: адҵаҟаҵаҩ Амиран Берзениа, Вахтанг Мацхарашвили, Гиви Ҭурқьиа, Рауль Ԥанҭиа.
© Foto / Марина Барциц Аԥшыхәра-диверсиатә гәыԥ дҵас иаман аӷа ацҳа аҩганк рыла дзықәымсыртә аҟаҵара. Ацҳа ахәҭак ԥжәан.
Аԥшыхәра-диверсиатә гәыԥ дҵас иаман аӷа ацҳа аҩганк рыла дзықәымсыртә аҟаҵара. Ацҳа ахәҭак ԥжәан. - Sputnik Аҧсны
6/10
Аԥшыхәра-диверсиатә гәыԥ дҵас иаман аӷа ацҳа аҩганк рыла дзықәымсыртә аҟаҵара. Ацҳа ахәҭак ԥжәан.
© Foto / Марина Барциц Аԥсуа ар афронтқәа рыҩбагьы анеиқәшәа ашьҭахь, Егры аҳәаахь рымҩа иацырҵеит.
Аԥсуа ар афронтқәа рыҩбагьы анеиқәшәа ашьҭахь, Егры аҳәаахь рымҩа иацырҵеит. - Sputnik Аҧсны
7/10
Аԥсуа ар афронтқәа рыҩбагьы анеиқәшәа ашьҭахь, Егры аҳәаахь рымҩа иацырҵеит.
© Foto / Марина Барциц Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҟны аԥсуа ган ахьтә иҭахеит 3,5 нызқьҩык, х-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит, ҩышәҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.
ФЛ ко дню победы  - Sputnik Аҧсны
8/10
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьраҟны аԥсуа ган ахьтә иҭахеит 3,5 нызқьҩык, х-нызқьҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит, ҩышәҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит.
© Foto / Марина Барциц Ацҳахь Тҟәарчалынтәи инеит аибашьцәа зҭатәаз Камаз. Аринахыс Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа 13 мзы изҭагылаз аблокада рхыхын.
Ацҳахь Тҟәарчалынтәи инеит аибашьцәа зҭатәаз Камаз. Аринахыс Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа 13 мзы изҭагылаз аблокада рхыхын. - Sputnik Аҧсны
9/10
Ацҳахь Тҟәарчалынтәи инеит аибашьцәа зҭатәаз Камаз. Аринахыс Тҟәарчали Очамчыреи араионқәа 13 мзы изҭагылаз аблокада рхыхын.
© Foto / Марина Барциц Афотоҭыхымҭақәа равтор Марина Барцыцԥҳа Емма Ҭаниаԥҳаи афонд "Амшреи" иҭабуп ҳәа ралҳәоит афотоархив асканер ахыжьраҟны иҟарҵаз ацхырааразы.
Афотоҭыхымҭақәа равтор Марина Барцыцԥҳа Емма Ҭаниаԥҳаи афонд Амшреи иҭабуп ҳәа ралҳәоит афотоархив асканер ахыжьраҟны иҟарҵаз ацхырааразы. - Sputnik Аҧсны
10/10
Афотоҭыхымҭақәа равтор Марина Барцыцԥҳа Емма Ҭаниаԥҳаи афонд "Амшреи" иҭабуп ҳәа ралҳәоит афотоархив асканер ахыжьраҟны иҟарҵаз ацхырааразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0