АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны иазгәаҭахоит.
Ари аҽны атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы абаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, агәалашәаратә митингқәа мҩаԥыргоит, ашҭақәа рҿы аибашьра аамҭазтәи ашәақәа адырҳәалоит, аныҳәатә мшы хыркәшахоит аконцертқәа рыла.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.