https://sputnik-abkhazia.info/20220929/anyat-kontserti-aparadi-asny-aiaaira-29-shysa-akhyra-shazgaakho-1041794365.html
Аныҳәатә концерти апаради: Аԥсны Аиааира 29 шықәса ахыҵра шазгәаҭахо
Аныҳәатә концерти апаради: Аԥсны Аиааира 29 шықәса ахыҵра шазгәаҭахо
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит цәыббра 30 рзы. Абри аҽны 1993 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын. 29.09.2022, Sputnik Аҧсны
2022-09-29T18:40+0300
2022-09-29T18:40+0300
2022-09-29T20:12+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1e/1033318605_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_7a8bf6066beeaef9612f3d5f1d26aa87.jpg
АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны иазгәаҭахоит. Ари аҽны атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы абаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, агәалашәаратә митингқәа мҩаԥыргоит, ашҭақәа рҿы аибашьра аамҭазтәи ашәақәа адырҳәалоит, аныҳәатә мшы хыркәшахоит аконцертқәа рыла.Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/1e/1033318605_256:0:2987:2048_1920x0_80_0_0_69ba86d368dbf3b678c6e054bad311bd.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аныҳәатә концерти апаради: Аԥсны Аиааира 29 шықәса ахыҵра шазгәаҭахо
18:40 29.09.2022 (ирҿыцуп: 20:12 29.09.2022) Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәарҭоит цәыббра 30 рзы. Абри аҽны 1993 шықәсазы Аԥсны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы иақәиҭтәын.
АҞӘА, цәыббра 29 – Sputnik. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш ҳтәыла араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҟны иазгәаҭахоит.
Ари аҽны атәыла ақалақьқәеи араионқәеи зегьы рҿы абаҟақәа рымҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, агәалашәаратә митингқәа мҩаԥыргоит, ашҭақәа рҿы аибашьра аамҭазтәи ашәақәа адырҳәалоит, аныҳәатә мшы хыркәшахоит аконцертқәа рыла.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.