АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит, егьырҭ атәылақәа, иаҳҳәап, Қырҭтәыла Лукашенко Аԥсныҟа иааразы ирҳәо хьаас ишамам. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, жәларбжьаратәи азин иасубиектуп. Ҳара Беларусь ҳадәныҟатә политика ахырхарҭақәа рҿы акраҵанакуаны ҳахәаԥшуеит. Ҳаиҩызцәоуп. Аԥсны хьаас иамаӡам егьырҭ атәылақәа, иаҳҳәап, Қырҭтәыла", - иҳәеит Арӡынба.
Беларуссиа ахада Александр Лукашенко цәыббра 28 азы раԥхьаӡа акәны аофициалтә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит. Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҷыдаҿы Лукашенко аҳәынҭқарратә ҳәаа еилеигеит ҳәа ахара иднаҵеит. Қарҭ Лукашенко иаара "жәларбжьаратәи азини анормақәеи ӷәӷәала аилагароуп ари" ҳәа рҳәеит.
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили белоруссиатәи лколлега Александр Лукашенко Аԥсныҟа иаарала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи апринципқәеи еилеигеит ҳәа азгәалҭеит.