Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР ахада: Аԥсны хьаас иамаӡам Лукашенко арахь иааразы Қырҭтәыла ирҳәо

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Анапаҵаҩра
Беларуссиа ахада Александр Лукашенко цәыббра 28 азы раԥхьаӡа акәны аофициалтә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи иареи ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҳәамҭа ҟаиҵеит, егьырҭ атәылақәа, иаҳҳәап, Қырҭтәыла Лукашенко Аԥсныҟа иааразы ирҳәо хьаас ишамам. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, жәларбжьаратәи азин иасубиектуп. Ҳара Беларусь ҳадәныҟатә политика ахырхарҭақәа рҿы акраҵанакуаны ҳахәаԥшуеит. Ҳаиҩызцәоуп. Аԥсны хьаас иамаӡам егьырҭ атәылақәа, иаҳҳәап, Қырҭтәыла", - иҳәеит Арӡынба.
Беларуссиа ахада Александр Лукашенко цәыббра 28 азы раԥхьаӡа акәны аофициалтә ныҟәарыла Аԥсны даҭааит. Қырҭтәыла ААР аҳәамҭа ҷыдаҿы Лукашенко аҳәынҭқарратә ҳәаа еилеигеит ҳәа ахара иднаҵеит. Қарҭ Лукашенко иаара "жәларбжьаратәи азини анормақәеи ӷәӷәала аилагароуп ари" ҳәа рҳәеит.
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили белоруссиатәи лколлега Александр Лукашенко Аԥсныҟа иаарала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәеи апринципқәеи еилеигеит ҳәа азгәалҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0