АҞӘА, цәыббра 29- Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлари Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Путин иазгәеиҭеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа аиҩызареи астратегиатә партниорреи рымҩала аҿиара ишаҿу.
"Агәраганы сыҟоуп, ҳамчқәа еидҵаны ԥхьаҟагьы ахырхарҭақәа зегьы рыла ҩганктәи ҳаизыҟазаашьақәа ишрыцаҳҵало. Ҩганктәи аимадарқәа аԥхьаҟагьы реизырҳара шалҳаршо - ҳаиашьаратә жәларқәа рыбзазара аиӷьтәреи, арегион аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны", - аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа агәабзиареи аихьӡарақәеи иизеиӷьеишьеит, Аԥсны атәылауаа-аҭынчреи аизҳазыӷьареи.