Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Путин Бжьаниеи аԥсуа жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВидеообращение президента РФ В. Путина к участникам XI Всероссийского фестиваля НХЛ
Видеообращение президента РФ В. Путина к участникам XI Всероссийского фестиваля НХЛ - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Анапаҵаҩра
Цәыббра 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәанаҭоит. 29 шықәса раԥхьа ари амш аҽны аԥсуаа риааирала ихыркәшан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра.
АҞӘА, цәыббра 29- Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлари Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Путин иазгәеиҭеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа аиҩызареи астратегиатә партниорреи рымҩала аҿиара ишаҿу.

"Агәраганы сыҟоуп, ҳамчқәа еидҵаны ԥхьаҟагьы ахырхарҭақәа зегьы рыла ҩганктәи ҳаизыҟазаашьақәа ишрыцаҳҵало. Ҩганктәи аимадарқәа аԥхьаҟагьы реизырҳара шалҳаршо - ҳаиашьаратә жәларқәа рыбзазара аиӷьтәреи, арегион аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны", - аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа агәабзиареи аихьӡарақәеи иизеиӷьеишьеит, Аԥсны атәылауаа-аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0