Аныҳәатә марш: Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш Аҟәа ишазгәарҭаз

Sputnik
Цәыббра 30- Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны Аԥсны атәылахьчара аминистрра рыррамаҵзурауаа апарад мҩаԥыргеит.
Апарад напхгара аиҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьба, апарад идикылеит Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа.
Апарад иалахәын Урыстәыла Аладатәи арратә округи, Атәылахьчара аминистрреи рыррамаҵзурауаа, зынӡа иааидкыланы 600-ҩык инареиҳаны аруаа. Аруаа рыдагьы, уи иалахәын Аԥсны ААР, АҶА, Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа рколоннақәагьы.