Аԥсны

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит Аҟәа

1993 шықәса цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы излагаз, 413 ҵхи мши ицоз Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Уи аҽны аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала Аԥсны аҳәааҿы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аҽны-цәыббра 30 рзы Аҟәа, Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны игылоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рыхьӡала игылоу абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Иҭахаз аибашьцәа ргәаларшәаразы Ахьӡ-Аԥша апарк ахь иааит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара ахада Лаша Ашәба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.