Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Анапаҵаҩра
1993 шықәса цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы излагаз, 413 ҵхи мши ицоз Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра. Уи аҽны аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала Аԥсны аҳәааҿы.
АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иуаажәлар Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит.
"Еиҭаҳәашьа амам Аԥсны ахьчаҩцәа иаадырԥшыз афырхаҵара. Ҳфырхацәа, ҳаибашьцәа ирыбзоураны Аԥсны ақәӡаара иацәыхьчан, еиқәырхан", - ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Аслан Бжьаниа ҷыдала дырзааҭгылеит аԥсуа жәлар ирывагылаз, Аԥсадгьыл ахьчаразы игылаз ҳџьынџьуаа – амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа, Нхыҵ Кавказынтәи иааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, адыгақәа, ачерқьесцәа, абазақәа, ауаԥсаа, аҟабардақәа, аингәышцәа, ачеченцәа, даӷьысҭанаа, Алада Урыстәыла аказакцәа, Урыстәыла егьырҭ арегионқәа рыҟнытә хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, Донбасси Приднестровиеи рҵеицәа.
День флага Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2022
Аԥсны
Жәлар рныҳәа хада: Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 29 шықәса ахыҵит
"Урҭ рыхьӡ кашәара ақәым! Ахааназы ргәалашәара лаша ҳацзаауеит Аԥсны аизҳазыӷьаразы зхы иамеигӡаз. Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа иаҭахуп аидгылара Аԥсны аизҳазыӷьара ахьӡала. Ҳажәҩахыр еибаҳҭар, хықәкы хадас иҳамоу – ҳажәлар рԥеиԥш лаша – нагӡахоит", - азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Атәыла ахада аԥсуа жәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.
Атәыла ахада ихьӡала адныҳәаларақәа ааиуеит. Аслан Бжьаниа Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идырныҳәалеит Никарагуа ахада Даниель Ортега, ЛЖәР ахада Леонид Пасечник, ААхыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев, Ҟабарда-Балкарида ареспублика ахада Казбек Коков, Ҭаҭарсҭан ахада Рустама Минниханов, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Видеообращение президента РФ В. Путина к участникам XI Всероссийского фестиваля НХЛ - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2022
Аԥсны
Путин Бжьаниеи аԥсуа жәлари Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0