АҞӘА, цәыббра 30 – Sputnik. Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш рыдиныҳәалеит.
"Аԥсны аиааиреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит шәҩыла ҳтәыла аԥацәеи аԥхацәеи, хатәгәаԥхарала еибашьуази. Иҭахаз ргәалашәара ҳацзаауеит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Жәлар Реизара ахантәаҩы агәыӷра ааирԥшит Аԥсны аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәырхара шалыршахо.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
1993 шықәса, цәыббра 30 рзы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы.