Аԥсны

Жәлар рныҳәа хада: Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 29 шықәса ахыҵит

Цәыббра 30 аҽны Аԥсны иазгәарҭоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 30 - Sputnik. Сынтәа 29 шықәса ҵуеит 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анынҵәаз амш аахыс.
СССР анхыбгала ашьҭахь хара имгакәа Қырҭтәылатәи ССР автономтә республика аҳасабала 1931 шықәса раахыс иалаз Аԥсны уи ишалҵуа азы, Қарҭ аҟынтәи ахьыԥшымра азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак нанҳәа 25 1990 шықәса рзы ирыланаҳәаз "Аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа" уи аиҭашьақәыргыларазы раԥхьатәи шьаҿахеит.
Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз
Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьыхын ақырҭуа еиҳабыра раԥшьгарала, уи ашьҭахь 1992-1993 шш. раан иҵысыз аибашьра ашьҭахь Аԥсны ахьыԥшымра де-фактои де-иуреи ишьақәнарӷәӷәеит.
Ԥхынгәы 23 1992 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак 1978 шықәсазтәи Аконституциа аԥыхны 1925 шықәсазтәи Аконституциахь аиасра аӡбамҭа аднакылеит. Уи аҩбатәи ахы инақәыршәаны Аԥсны исуверентәу ҳәынҭқарроуп, жәларбжьаратәи азин иасубиектуп.
Убри аамҭазы Аԥсны Апарламент Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ажәалагала нанашьҭит арҭ аҩ-тәылак рыбжьара афедеративтә еиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны ззинқәа еиҟароу субиектқәак раҳасабала аиҿцәажәарақәа ирылагарц.
Аха ақырҭуа еиҳабыра аполитикатә еиҿцәажәарақәа рцынхәрас амч рхы иадырхәеит, 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит.
Аибашьра афотоқәа рҿы: 413 мши ҵхи Аԥсны ахақәиҭразы
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Ақырҭуа Ҳәынҭсовет архәҭақәа, аихамҩа ахьчара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, бџьарла еиқәных Аԥсны иақәлеит, иалагеит 413 мши ҵхи ицоз, хә-нызқьҩык рҟынӡа аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи аҭынч уааԥсыра рыԥсҭазаарақәа згаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аибашьра Аԥсны аекономика, акультура, аҭҵаарадырра ааха ду анаҭеит.
Аибашьра раԥхьатәи амш аҽныҵәҟьа Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӡәк иеиԥш еидгыланы аӷа иҿагыларц. Иалагеит афронтқәа хԥа реиҿкаара: Гагратәи, Гәымсҭатәи, Мрагыларатәи ахырхарҭақәа рҟны.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба
Жьҭаара 6 рзы ахы иақәиҭтәын Гагра. Анаҩс иҟан Аԥсуа ар рзы иманшәаламхаз ажәыларақәа. Ааха ӷәӷәақәа шамазгьы, Аԥсны аиқәырхаҩцәа ԥхьаҟа ицон, аиааира амш дырааигәон.
Ԥхынгәы 2 рзы иалагеит Аԥсуа ар Мрагыларатәии Гәымсҭатәии афронтқәа рҟны ажәыларақәа.
Цәыббра 16 рзы - Аԥсны арбџьармчқәа аҵыхәтәантәи рхақәиҭратә жәылара иалагеит.
Цәыббра 27 1993 шықәса рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын.
Цәыббра 30 1993 шықәсазы ихыркәшахеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аԥсуа еибашьцәа ҳбираҟ шьҭырхит Егры аӡиас ала ицо Аԥсны аҳәааҿы. Уинахыс Аԥсны Қырҭтәыла амч ахнаҳәеит, ахы иақәиҭхеит, Қырҭтәыла аиурисдикциа азхазымҵо ахатәы напхгара шьақәнаргылеит.