Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра: архәҭақәа Красныи Лиман иалгоуп амацәаз иҭаркыр ахьалшо аҟынтә

Краснолимантәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 200-ҩык украинатәи аруаа, иԥжәоуп атанкқәа хәба, аршьаҟауаа рмашьынақәа жәба.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Еидгылоу архәҭақәа Красныи Лиман иалгоуп амацәаз иҭаркыр ахьалшо аҟынтә ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"Еидгылоу архәҭақәа Красныи Лиман иалгоуп еиҳа иманшәалоу аҭыԥқәа рахь амацәаз иҭаркыр ахьалшо аҟынтә", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иара убас дара иазгәарҭеит Краснолимантәи ахырхарҭаҟны украинатәи амеханизациа зызуу архәҭақәа рыбригадақәа 66-тәии 93-тәии рпозициақәа ӷәӷәала иахьреихсыз иҭадырхеит 200-ҩык украинатәи аруаа, иԥжәоуп атанкқәа хәба, аршьаҟауаа рмашьынақәа жәба.
Аусбарҭаҿы иара убас иазгәарҭеит аӷа ацәыӡқәа шиоузгьы, амчи абџьари рыла аԥыжәара шимоугьы, арезервқәа алагаланы ари ахырхарҭаҿы ажәылара ишациҵаз