Аԥсны иахьаҵанакуеит 32 плиаж ҳамоуп, ишахәҭоу иҟаз 18 роуп. Егьырҭ ирыгыз аҟан, аха русура аанкыламызт иҳәеит Сабуа арадиоефир аҿы.
"Аҟәа аҩнуҵҟа иҳамоуп алшара аҭел ианаслак иаразнак ацхыраара рыҭара, аха араионқәа рҿы ҳус усҟак иаҳзеиҿкааӡом. Аха усгьы иҳалшо ҟаҳҵоит. Сынтәала 13-ҩык ҭахеит аӡқәа рҿы. Иахьагьы Гагра аганахь аӡә дӡааҟәрылеит. Еихарак иӡааҟәрыло аԥсшьаҩцәа роуп. Амшынҭалара иахьыҟамло аҭыԥқәа рҿы иӡсоит. Ҵыԥх иҭахеит 20-ҩык. Сынтәа иаҳа имаҷуп", - иҳәеит Сабуа.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы еиҭеиҳәеит сынтәа ҿыц иалагалахаз ахараԥса аус шауа атәы.
"Егьи амзазы аԥсшьаҩцәа аҽыкәабара азин ахьыҟоу аҳәаа иахысны ицеит, амш цәгьан, ахынҳәра рзыцәгьахеит, иасны адырра ҳарҭеит. Ҳрыцхрааит. Ахараԥса дыршәан аплиаж қьырала изго, иара убас ақалақь ахадара", - иҳәеит Сабуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.