Аԥсны

Бжьаниа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәраз аусутә гәыԥ аиҳабы диԥылеит

Аԥыза-министр иусԥҟала Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәразы аусутә гәыԥ аԥҵан.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәреи, абжьгарақәа аус рыдулареи, ахәшьара рыҭареи рзы иаԥҵоу аусутә гәыԥ ахантәаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов дидикылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Пустовалов ахада изеиҭеиҳәеит хықәкылатәи аусбарҭақәа имҩаԥыргаз аусурақәа ртәы.
Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәреи, абжьгарақәа аус рыдулареи, ахәшьара рыҭареи рзы иаԥҵоу аусутә гәыԥ аԥҵоуп аԥыза-министр Александр Анқәаб иусԥҟала цәыббра 23 азы.
Аусутә гәыԥ ахықәкы - ар рматериал-техникатә, рфинанстә, рмедицинатә еиқәыршәара аиӷьтәразы абжьгарақәа аус рыдулара, аҳақьым-наԥхьаратә комиссиақәа русура аиҿкаара, Арратә мчқәеи арезерви реинырра, анхарҭа-казарматә фонд арҽеирақәеи егьырҭ азҵаарақәеи рыӡбара.