Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы иацәыӡит 400-ҩык аибашьцәа

Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы киевтәи арежим аамҭакала николаевтәи, андреевтәи, криворожтәи ахырхарҭақәа рҿы ажәылара рҽазыршәеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Украинатәи ар Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿы иацәыӡит 400-ҩык, 43 танк ҳәа аанацҳауеит атәылахьчаратә усбарҭа.

"Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟатәи аибашьраан Николаево-Криворожтәи ахырхарҭаҿ иҭархан 43 украинатә танк, 89 к аибашьыга техник, 400-ҩык аруаа", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Иазгәаҭоуп активла ажәыларақәа шымҩаԥыргоз украинатәи аруаа рбаталионқәа фба Давыдов Брод аганахь ала. Иара убри аамҭазы атактикатә гәыԥқәа ажәылара мҩаԥыргон аиланхарҭақәа Бруксинскоеи Костромкеи рҿы.
"Урыстәылатәи ар иааныркылеит аӷа ижәылара ари ахырхарҭаҿы. Иҭахоуп 31 танк, 78 ак атехника ҷыда, 240-ҩык украинтәи аибашьцәа", - рҳәоит Атәылахьчара аминистрраҿы.
Иара убасгьы ирҳәеит ДЖәР аҿы урыстәылатәи авиациа ишындырҵәаз 200-ҩык рҟынӡа Украина аруаа.