АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә Думеи Аԥсны Апарламенти рыбжьара аиқәшаҳаҭра хара имгакәа анапы аҵаҩхароуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәбеи иареи реиԥылараан Аҳәынҭдума ахантәаҩы Виачеслав Володин.
"Ажәалагала ҟасҵоит, Аҳәынҭқарратә Думеи Аԥсны Апарламенти рыбжьара аиқәшаҳаҭра еицҭҵааны хара имгакәангьы анапы аҵаҩызарц, уи иалнаршоит еиҳа хра змоу ҳусеицура алҵшәақәа аарԥшра", - иҳәеит Володин.
Володин иазгәеиҭеит, Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа риешьаршәаларазы аус зуа апарламентбжьаратә комиссиа аԥҵара шхымԥадатәиу.
"Акомиссиа иахықәкхоит - ҳтәылақәа рзакәанԥҵарақәа реишьаршәалара, ауаа ргәы иҵхо апроблемақәа рыӡбра", - иҳәеит Виачеслав Володин.
Аҳәынҭдума ахантәаҩы Аԥсны дааҭаарц иҭаз ааԥхьара идикылеит.
Лаша Ашәба иҳәеит Аԥсны шадгыло Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго аполитика.
"Ҳара ааигәатәи ҳԥышәа Донбасс иахьа имҩаԥысуа бзианы иҳаилнаркаауеит, иаадыруеит аашықәса ЛЖәР, ДЖәР аҿы ауаа шынхоз, Урыстәылатәи Афедерациа ахымҩаԥгашьа ҵаҵӷәыс иамоу", - иҳәеит Ашәба.
Аԥсны Апарламент аделегациа жьҭаара 2 - 6 рзы аусутә еилацәажәарақәа рзы Москваҟа иҟоуп.