Аԥсны

"Иӡыз абаҳча": урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ ицәыргақәҵа аатит Аҟәатәи абааш аҿы

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит жьҭаара 3 азы Аҟәа иаатыз раԥхьатәи аԥсуа-аурыс мультикультуртә фестиваль "Нартиада" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Апроект азы- Sputnik Аԥсны - информациатә партниоруп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи абаашқәа рыгәҭа иаатит урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ Дмитри Горбунов ицәыргақәҵа "Иӡыз абаҳча".
Асахьаҭыхыҩ искульптурақәа 3D-кьыԥхьра аметод ала имҩаԥигоит. Ицәыргақәҵоуп хә- усумҭак.

"Ара иӡыргоуп сыпроект "Иӡыз абаҳча" аверсиа маҷ. Ари имифрҿиароу проектуп. Исхәыцит – хәызмоу маҭәарқәак адгьыл иҵысхызшәа. Автортә ҟазшьа асҭеит. Абар уажәы урҭ ихаҭалатәны иҟалаз амаҭәарқәа дырԥшӡоит", - иҳәеит иара.

Ари аҩыза ацәыргақәҵа аханатәгьы ҭоурыхтә ҭыԥк аҿы амҩаԥгара ҳҭахын ҳәа иҳәеит иара.
"Ари аҭыԥ раԥхьа сызҭааз ҭыԥуп. Иаразнакы исгәаԥхеит. Сара схаҿы исырҿиоз абри аҭыԥ шакәыз еилыскааит", - иҳәеит автор.
1 / 3

"Иӡыз абаҳча": урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ ицәыргақәҵа Аҟәатәи абааш аҿы

2 / 3

"Иӡыз абаҳча": урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ ицәыргақәҵа Аҟәатәи абааш аҿы

3 / 3

"Иӡыз абаҳча": урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ ицәыргақәҵа Аҟәатәи абааш аҿы

"Иӡыз абаҳча" - аиҭакрақәа идырссаз уаанӡатәи аҵакқәа аԥырызхуа, ауаатәыҩса рдоуҳа ашәҭыкакаҷра аамҭақәа рахь ахынҳәра аҭаххароуп.
Аԥсны
Аҟәа ахақәиҭтәра амш азы иаатит "Ҭагалантәи ацәыргақәҵа"