Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу: аҽеизыкра иаҵанакыз 200 нызқьҩык рҟынӡа арратә хәҭақәа рахь инеиит

Цәыббра 21 азы Урыстәыла ахада идҵала ирылаҳәан хәҭа-хәҭалатәи аҽеизыкра, иазыԥхьагәаҭоуп 300 нызқьҩык рнаԥхьара, уи Урыстәыла иамоу аҽеизакратә лшарақәа зегьы рҟнытә 1% ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Урыстәыла ирылаҳәаз хәҭа-хәҭалатәи аҽеизыкра иаҵанакыз 200 нызқьҩык рҟынӡа арратә хәҭақәа рахь инеиит, абри атәы аҩуеит РИА Новости Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу иажәақәа шьаҭас иҟаҵо.
"Цәыббра 21 азы Урыстәыла ахада идҵа инақәыршәаны хәҭа-хәҭалатәи аҽеизыкра мҩаԥысуеит. Иахьазы Урыстәыла арбџьармчқәа рахь инеихьеит 200 нызқьҩык инареиҳаны", - иҳәоит Шоигу.
Шоигу иажәақәа рыла, амаҵзурауаа рнапы ианҵоуп аҽеизыкра иаҵанакуа зегьы ирыхәҭоу ацәамаҭәеи абџьари рыла еиқәыршәазарц.
Шоигу иазгәеиҭеит, ҿыц инеиз рырҟәшақәа разыҟаҵара шымҩаԥысуа 80 полигони арҵаратә центрқәа фба рҿи.