Аԥсны

АА рминистр: Аԥсны Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа рԥышәа хшыҩзышьҭрала иҭнаҵаауеит

Жьҭаара 5 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра Амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцеви еиԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аԥсны Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа рԥышәа хшыҩзышьҭрала иҭнаҵаауеит, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа Амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцеви иареи реиԥылара алкаа ҟаҵо. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсны Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа рԥышәа хшыҩзышьҭрала иҭнаҵаауеит, избанзар, уи лҵшәа бзиала аишьашәаларазы иреиӷьу ҭыԥхоит.
"Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа рымчқәа еидкыланы аекономикатә зҵаарақәа рыӡбразы еиуеиԥшым аӡбамҭақәа рыдыркылоит, уи алагьы рыуаажәлар рыԥсҭазаара еиӷьыртәоит", - иҳәеит аминистр.
Аганқәа алацәажәеит Беларусь ахада Александр Лукашенко Аԥсны иҭаара, х-ганктәи аформат ала- Урыстәылеи Беларуси русеицура, иара убас, урыстәылатәи белоруссиатәи арегионқәа аус рыцура аԥсуа ган ахьынҵазыхиоу.