Аԥсны

Жәеизаҩык арҵаҩцәа Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьӡ рыхҵоуп

Адунеизегьтәи Арҵаҩы имш (World Teachers' Day) есышықәса жьҭаара 5 азы иазгәарҭоит. Аныҳәа рылаҳәан ИуНЕСКО аҿы 1994 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арҵаҩы имш азгәарҭеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы.
Жәеизаҩык арҵаҩцәа Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы ҳәа ахьӡ рыхҵоуп:
Пицундатәи абжьаратә школ №1 аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Дона Малиаԥҳа,
Гагратәи абжьаратә школ N°1 алагарҭатә классқәа рырҵаҩы Наҭелла Смырԥҳа,
Очамчыратәи ашкол-интернат адиректор Белла Ашәԥҳа,
Аҟәатәи абжьаратә школ N°15 англыз бызшәа арҵаҩы Наҭелла Дочиаԥҳа,
Бзыԥтәи абжьаратә школ N°1 адиректор лхаҭыԥуаҩ Анжела Барганџьиаԥҳа,
Л. Лабахәуа ихьӡ зху Рекатәи абжьаратә школ адиректор Ҭалико Лабахәуаԥҳа,
Мықәтәи абжьаратә школ N°1 ааӡараз аҵараҟәша аиҳабы Валентина Лашәриаԥҳа,
Аҟәатәи абжьаратә школ №9 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Нелли Овсепиан,
Мықәтәи абжьаратә школ N°1 аҵараҟәша аиҳабы Изольда Ҭарԥҳа,
Очамчыратәи абжьаратә школ N2 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Алиса Ҷолокәуаԥҳа,
Аҽгәаратәи абжьаратә школ адиректор Заира Џьгәынџьиаԥҳа.
Иара убас, "Ахьӡ-аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара ранашьан: Аҟәатәи абжьаратә школ N°15 афизика арҵаҩы Мимоза Занҭариа, Тамшьтәи абжьаратә школ абиологиа арҵаҩы Владимир Бжьаниа.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аԥсны арҵаҩцәа дрыдныҳәалеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, иара иазгәеиҭеит, арҵаҩра аҽак иузаламырҩашьо занааҭны ишыҟоу.
Адунеизегьтәи Арҵаҩы имш (World Teachers' Day) есышықәса жьҭаара 5 азы иазгәарҭоит. Адунеизегьтәи Арҵаҩы имш азгәаҭара ИУНЕСКО иаԥшьнагеит 1994 шықәсазы.