Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.10.2022
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи Арҵаҩы Имш (World Teachers' Day) есышықәса жьҭаара 5 азы иазгәарҭоит. Адунеизегьтәи Арҵаҩы Имш азгәаҭара ИУНЕСКО иаԥшьнагеит 1994 шықәсазы.
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит дарбанызаалак ауаҩы раԥхьатәи ирҵаҩцәа, иԥсҭазаараҿ зышьҭа нзыжьыз шихамшҭуа.
"Арҵаҩра, ари занааҭ мацаран иҟаӡам. Ари адырра ҳарак аиԥш ауаҩытәыҩсатә ҟазшьа ҷыдақәагь зҭахны иҟоу усуп. Ахәшьара залшом шәара есҽынтәи шәџьабаа. Шәара адыррақәа рыҭара адагьы ауаҩы ихаҭара ашьақәыргылара шәацхраауеит, еиҿышәкаауеит идунеихәаԥшышьа", - аҳәоит адныҳәалараҟны.
Ахада ареспублика арҵаҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит рџьабааз, рҵаҩцәа рықәҿиарақәа рзы, ирзеиӷьеишьеит анасыԥ, алшамҭа ҳаракқәа.
Адунеизегьтәи Арҵаҩы Имш (World Teachers' Day) есышықәса жьҭаара 5 азы иазгәарҭоит. Адунеизегьтәи Арҵаҩы Имш азгәаҭара ИУНЕСКО иаԥшьнагеит 1994 шықәсазы, аҵараҟәша аусзуҩцәа рџьабааи, урҭ рзанааҭ ҭыԥс иааннакылои, ажәлар разхьарԥшра хықәкыс иҟаҵаны. 1994 шықәсазы официалла ЕАР ишьақәнарӷәӷәеит ари аныҳәа. Жьҭаара 5 1997 шықәсазы ИуНЕСКО аконференциа хада иаднакылеит ашәҟәы "Арҵаҩы истатус иазку". Арҵаҩы имш – ари аҳаҭыри ачҳареи еиҵагылоу абиԥара рдырра иасимволуп. Есышықәса ари аныҳәа темак иазкуп. 2022 шықәсазтәи атема - "Аҵарадырра атрансформациа арҵаҩ иҟынтәи иалагоит."
Ажәабжьқәа зегьы
0