Аԥсны

Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало аԥснытәи абитуриентцәа рзы аквотақәа ирыцҵоуп

Сынтәа иаҳа азҿлымҳара рыҭахоит атехникатә занааҭқәа ҳәа азгәарҭеит Россотрудничество.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Россотрудничество аԥснытәи абитуриентцәа рзы аквотақәа ирыцнаҵеит 90 рҟынтәи 110 ҭыԥ рҟынӡа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак Евгени Павлов.
"Сынтәа атехникатә занааҭқәа азхьаԥшра раҳҭеит. Аҳаиртә баӷәаза аартра азгәаҭоуп, убри аҟнытә аҟазауаа азыҟаҵатәуп", - иҳәеит иара.
Павлов иазгәеиҭеит Аԥсны абжьаратә занааҭтә ҵара змоу ауаа зынӡа ишмаҷу, иаҳҳәап аелектрикцәа, атехникцәа уҳәа.
"Сынтәа абжьаратә занааҭтә ҵара жәа-ҭыԥк аҭахоит. Жә-класск ирылгаз алшара иоуеит ишәҟәқәа алеиҵарц. Уаанӡа акы-ҩба ҭыԥ ракәын иалҳхуаз. Сынтәа арадиотехникатә коллеџь ахьгьы аквотақәа ҟалоит. Аробототехниказ Таганрог, Краснодар, аколлеџь хазынақәа ҳамоуп", - иҳәеит Россотрудничество ахаҭарнак.
Аԥсны
Россотрудничество аиҳабы аԥснытәи абитуриентцәа рзы аквотақәа ирыцҵахоит иҳәеит
Евгени Павлов иара убасгьы иҳәеит 2023-2024 аҵарашықәс азы аԥснытәи астудентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалараз рдокументқәа жьҭаара аказы арыдкылара иалагоз шахыргаз.
"Адокументқәа рыдкылара ахган, атәылауаа рхаҭаратә дыррақәа ршәарҭадара арӷәӷәаразы азакәанԥҵара инадҳәаланы. Макьана азыҳәақәа анрыдыркыло еилкаам ", - иҳәеит иара.
Павлов иҳәеит Аԥсны атәылауаа, урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҭаху ашәҟәҭаҩра рахысразы аамҭа шроуа.
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭаларазы ашәҟәҭаҩреи анкетақәа рхарҭәаареи алыршахоит жьҭаарамзазы аусура иалаго асаит https://education-in-russia.com аҟны.