АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев иирамш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иԥа, ҷыдала иазгәасҭар сҭахын аԥсуа-аурыс жәларбжьаратәи аусхәаԥштә азҵаарақәа рыӡбараҿы Шәара инашәыгӡо ароль ду, хықәкыла иуҳәозар, ашәарҭадара аусхк аҟны аусеицура азҵаарақәа рҟны", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Нургалиев иааирԥшуа аҭакԥхықәреи азанааҭ адырреи, изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, агәабзиара, аизҳазыӷьара.