Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ иирамш идиныҳәалеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2022
Анапаҵаҩра
Адныҳәалараҿы ҷыдала иазгәаҭоуп Нургалиев аԥсуа-аурыс усеицураҿы иааникыло ироль аҵакы.
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев иирамш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳаҭыр зқәу Рашид Гумар-иԥа, ҷыдала иазгәасҭар сҭахын аԥсуа-аурыс жәларбжьаратәи аусхәаԥштә азҵаарақәа рыӡбараҿы Шәара инашәыгӡо ароль ду, хықәкыла иуҳәозар, ашәарҭадара аусхк аҟны аусеицура азҵаарақәа рҟны", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Нургалиев иааирԥшуа аҭакԥхықәреи азанааҭ адырреи, изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, агәабзиара, аизҳазыӷьара.
Ажәабжьқәа зегьы
0