Путин инапы аҵаиҩит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы ашәарҭадара арӷәӷәаразы аусԥҟа

Уаанӡа Краснодартәи атәылаҿацә ахада Вениамин Кондратиев атеррористтә шәарҭара аҩаӡара "ҩежь" рылеиҳәеит Ҟрым иаԥну Темриуктәи араион аҿы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Керчтәи аӡыбжьахала ахысраан ашәарҭадара арӷәӷәаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Адокумент кьыԥхьуп азинтә информациазы аофициалтә портал аҿы.
Ашәарҭадаратә шьаҿақәа рыдыркылоит афымцацәаҳәатә фымцацҳаи амагистралтә газмҩангагеи рганахьала. Урҭ рынагӡашьа иахылаԥшлоит Урыстәыла АШәМ.
Уаанӡа Ҟрымтәи ацҳаҿы иҟалаз аԥжәара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа анапхгаҩы Марат Хуснуллин аҳәамҭа ҟаиҵеит ацҳа иқәло автомобилқәа гәазҭо ашәарҭадаратә маҵзурақәа русзуҩцәа рхыԥхьаӡара ишацырҵо.
Ҟрымтәи ацҳа еиқәхаз ахәҭаҿы аныҟәара хацыркуп
Ашәарҭадара дырӷәӷәеит Ҟрымтәи адгьылбжьахала аҳәаа иаԥну Краснодартәи атәылаҿацә аҿгьы. Темриуктәи араион аҿы атеррористтә шәарҭара аҩаӡара "ҩежь" рыларҳәеит.