Ҟрымтәи ацҳа еиқәхаз ахәҭаҿы аныҟәара хацыркуп

© Sputnik / Елена Иванова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЧП на Крымском мосту
ЧП на Крымском мосту - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2022
Анапаҵаҩра
Амашьынақәеи автобусқәеи ацҳахь анеира рылшоит иангәарҭалак ашьҭахь.
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҟны аԥхасҭа змоуз ацәаҳәарҟны амашьынақәа аныҟәара иаладыргеит ҳәа ааицҳаит и-Telegram-канал аҿы Ҟрым аиҳабы Сергеи Аксионов.
"Абыржәтәи аамҭазы аныҟәара рзаартуп амашьына ласқәеи автобусқәеи, амала раԥхьа урҭ шьаҭанкылатәи агәаҭара иахрыжьуеит", - ҳәа иҩуеит иара.
Аидарамҩангагақәа рырныҟәцаҩцәа Керчтәи аӡыбжьахала иахысразы апаром "Керч-2" ала аӡы ирыр рылшоит, уи ҩ-сааҭк рышьҭахь аусура иалагоит.
Апассаџьырцәа апаром ала рымҩангара еиҿыркаауеит уаҵәы амш аҽеиҩшамҭазы, аихамҩала - уаха ахәылбыҽха.
ЧП на Крымском мосту - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.10.2022
Хҩык ҭахеит Ҟрымтәи ацҳаҿы иҟалаз аԥжәараан
Ажәабжьқәа зегьы
0