Ҟрымтәи ацҳаҿы амцакра зыхҟьаз еилкаахеит

Аидарамҩангага машьына ахьыԥжәаз иахҟьаны уи иаҩсны ицоз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы цистернақәа быжьба амца ркит, ибгеит автомашьынамҩа ахәҭақәа ҩба.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Ҟрымтәи ацҳаҿы амцакра ҟалеит аидарамҩангага машьына ахьыԥжәаз иахҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Амилаҭтә террористҿагыларатә еилакы адыррақәа шьаҭас иганы.
"Иахьа ашьыжь фсааҭки быжьминуҭки рзы Ҟрымтәи ацҳа автомобилтә хәҭаҿы Тамантәи адгьылбжьахала аганахьала иԥжәан аидарамҩангага машьына, уи иахҟьаны амца ркит уи иаҩсны Ҟрымтәи адгьылбжьахахь зхы рханы ицоз адәыӷба иацраҳәаз абылтәы цистернақәа быжьба", - ҳәа ануп адырраҭараҿы.
Иҟалаз аԥжәара иахҟьаны ибгеит автомашьынамҩа ахәҭақәа ҩба. Аӷбақәа ахьыҵсуа ацҳа ахәҭа аԥхасҭа амоуит, аӷбаныҟәара акгьы аԥырхагам.
Ацҳа изықәымсуа арныҟәцаҩцәа аҳабла Ильич, иара убас аихысырҭа "Тамань - Волна" рҿы ааҭгыларҭақәа еиҿыркааит. Адәынтәи акрыфарҭақәеи ашьышьмаҭрақәеи еиҿыркаауеит. Аиԥш зеиԥшу ааҭгыларҭақәа быжьба аадыртыр рылшоит, ианаҭахха.
Уаанӡа адырра ҟалахьан Ҟрымтәи ацҳаҿы абылтәы зҭаз ацистерна амца шакыз. Уи иахҟьаны адәыӷбақәеи амашьынақәа рныҟәара аанкылан.
Ҟрымтәи ацҳаҿы аныҟәара аанкылоуп амашьына ду амца ахьакыз иахҟьаны